АҞӘА, ԥхынгәы 29 – Sputnik. Искандер ихьӡ зху аурыс ҳәынҭқарратә драматә театр цәыббра 22 рзы Иркутск ақалақь аҟны иқәнаргылоит аспектакль "Солиарис".
РУСДРАМ алахәхоит Вампилов ихьӡ зху ҳаамҭазтәи адраматургиа XIV Жәларбжьаратәи атеатралтә фестиваль.
Иара убас ари афестиваль иалахәхоит Москва, Санкт-Петербург, Ачинск, Алада Тагил, Новокуибышевск, Лесосибирск, Екатеринбург, Минусинск рҟынтәи атеатрқәа.
Вампилов ихьӡ зху афестиваль - ари Урыстәыла жәларбжьаратәи атеатртә фестиваль дуқәа ируакуп. Иара мҩаԥысуеит Н.П. Охлопков ихьӡ зху Иркутсктәи академиатә адраматә театр аҟны, Иркутсктәи аобласт аиҳабыреи, Иркутсктәи аобласт акультура аминистрреи, Урыстәыла атеатр аусзуҩцәа реидгылеи рыцхыраарала.