АҞӘА, ԥхынгәы 29 – Sputnik. Урыстәылатәи аихамҩа аҟазауаа Аԥсныҟа иааит Аҟәа-Очамчыра аихамҩа цҳақәа ртехникатә ҭагылазаашьа гәарҭарц, абри атәы аанацҳауеит Аԥсныеихамҩа апресс-маҵзура.
Агәаҭарақәа рнаҩс еилкаахоит аиҭашьақәыргылара амҽхак.
Урыстәылатәи аҟазауаа еиҭашьақәдыргылеит Ԥсоу-Гагра, аусурақәа ирылагараны иҟоуп Гагра-Аҟәа иахьаҵанакуа.
Аԥсныеихамҩа аусурақәа мҩаԥнагоит Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рыҟны аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы:
2072 тәи акилометр аҟны амшцәгьаан ааха зоуз аҵыргәатә ҭӡы аиҭашьақәыргылара иаарласны ихыркәшахоит;
"Ԥсоу-Гагра", "Бзыԥ-Гәдоуҭа" адәыгбамҩаҟны аусурақәа цоит амшцәгьаан аихамҩа ианаҳалаз ахаҳә-мҿыҳә арыцқьаразы.
Иара убас, Гагреи Гәдоуҭеи адәыӷбамҩа ԥшьыџьара ахысарҭақәа рҿы ашлагбаумқәа шьақәыргылоуп. Арҭ аҭыԥқәа рыҟны иқәдыргыло авидеорбагақәеи, аҩнымаҭәеи, архьшәашәагақәеи аахәоуп. Аҭыԥқәа раарҭразы иаҭахәуп уахыки-ҽнаки аус зуа аҷаԥшьаҩцәа.