Аԥсны

Гагра араион аҟны иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра иалацәажәеит

1200-ҩны инареиҳаны ааха роуит ԥхынгәы 9 руха Гагра араион аҟны иҟалаз аӡхыҵрақәа ирыхҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 30 – Sputnik. Гагра араион ахада Иури Хагәышь ԥшь-қыҭак рхадацәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра азҵаарақәа ирызкны, абри атәы аанацҳауеит Гагратәи ателехәаԥшра.

Ԥсахара ақыҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Сеиран Ечмилиан иҳәеит ақыҭаҟны 122-ҩны аӡы шрыҩналаз, урҭ рахьынтәи 15-ҭаацәара актәи агәыԥ ишаҵанакуа - зыҩнқәа анхаразы акагьы иаԥсам. Дара макьана рҭынхацәеи ргәылацәеи рҟны ишынхо.

Аҩбатәи агәыԥ иаҵанакуеит зыҩнқәа актәи аихагыла аӡы ҩналаз, зыҩныматәеи, зыбзазаратә техникеи, змашьынақәеи аӡы иԥхасҭанатәыз. Урҭ 29-ҭаацәара ыҟоуп. 77 - ҭаацәара ахԥатәи агәыԥ иаҵанакуеит - зыҩнқәа аӡы рыҩналаз, аха арыцқьарақәа рышьҭахь инхартә иҟоу.
Бзыԥ аҳаблан 84-ҭаацәара аӡы рыҵалеит. Аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны Бениаа рҭаацәа хыҵакырҭада иаанхеит.
"22-ҭаацәара зыҩнқәа актәи аихагылақәа аӡы рыҩналаз аҩбатәи аихагылақәа рыҟны инхоит. Шьоукы рыҩнымаҭәа ԥхасҭахеит, шьоукы рыбзазаратә техника, даҽа шьоукы ҿыц иҟарҵза аиҭашьақәыргыларатә усурақәа", - ҳәа иҳәеит Бзыԥҭа аҳаблантәи анхамҩа аиҳабы Давид Шамба.
Алаҳаӡы ақыҭан 111-ҩны ааха аиуит. Ақыҭа ахада Дауҭ Ажьиба иҳәеит аӡхыҵра ашьҭахь ауаҩы дызнымхартә еиԥш акагьы шыҟам.
"Раԥхьатәи амш инаркны Александр Золотинск-иԥа (Аԥсны аԥыза-министр - азгә.) атехника ҳзааиҭиит, аԥацха аԥхьа аҟәара дырӷәӷәеит. 15 шықәса раахыс аҳәара ззыҟаҳҵоз аусурақәа зегь нарыгӡеит. Ҳара ҳамҩаду аҟны 30 ҭӡы инхоз зегьы аӡы рыҵалеит. Уа ахаангьы акаҭран ықәын, иахьа уи ыҟаӡам. Араҟа инхо зегьы ирҳәоит, арзаҳалқәа ҳхазын иалаҳҵаӡом, ҳаззыҳәо амҩа аҟаҵара ауп ҳәа", - иҳәеит иара.
Араион ахада Иури Хагәышь иазгәеиҭеит уаҟа амҩа аҟаҵара шазгәаҭоу хәҭа-хәҭала.
Лӡаа ақыҭан 300 ҭӡы инарзынаԥшуа ааха роуит, ҩ-ҭаацәарак хыҵакырҭада иаанхеит ҳәа азгәеиҭеит ақыҭа ахада Гурам Абӷаџьаа.
Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Ханна Гәынба иаалгаз адыррақәа рыла, ақалақь иахьаҵанакуа 125-ҩны аӡы рыҩналеит, урҭ рахьынтәи 95-ҩны иаҳа ааха зоуз ҳәа иԥхьаӡоуп.
Гагра араион ахада Иури Хагәышь иҭабуп ҳәа реиҳәеит аԥсабаратә рыцҳара аԥырҟәҟәаразы иаԥҵаз акомиссиа алахәылацәеи ақыҭақәа рхадацәеи русуразы, иара убас раԥхьатәи амш инаркны ацхыраара ҟазҵаз анаплакҩцәеи. Иури Хагәышь иҳәеит иааиуа амшқәа рзы ааха зоуз аԥара рызшәара ишалаго.