Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Ҟрым аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа 25 ржәылара аԥырҟәҟәауп

Атеррористтә акт аԥырҟәҟәаараан ԥырхага ҳәа акагьы ҟамлаӡеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 30 – Sputnik. Урыстәылатәи архәҭақәа Ҟрым аргыларақәа рыҟны аԥырҩы ҭызҭам 25 хархәагақәа рыла украинатәи арежим имҩаԥыргарц ирҭахыз атеррористтә жәылара аԥырҟәҟәауп, адронқәа зегьы ҭархоуп, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
"Иаха Ҟрым адгьылбжьахаҿы аԥырҩы дызҭам 25 хархәагақәа рыла украинатәи арежим рҽазыршәеит аргыларақәа рыжәлара", - ҳәа аҳәоит аусбарҭаҿы.
Аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа жәаф аҳауаҿагыларатә хархәагақәа рыла иҭархан, даҽа жәба арадиоелектронтә ҿагыларыла, дара рыгәҭакы рзынамыгӡакәан Амшын еиқәа аӡқәыԥшылара иалаҳаит.