АҞӘА, ԥхынгәы 31 – Sputnik, Бадри Есиава. Лыхны ақыҭаҿ ааха зҭаз аҭәаҵла ашәарҭара иацәцеит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аекологиаз аҳәынҭеилакы аиҳабы Савели Ҷыҭанаа.
"Иалшоны иҟаз ауснагӡатәқәа зегь ҟаҳҵеит. Алҵшәагьы ҳауит, аха быӷькаԥсанынӡа ак ахҳәаара хьшәоуп. Иҟоуп арбагақәа – аҵла 95% ишеиқәхаз атәы зҳәо, аха иаанхо 5% шәарҭоуп. Иҟалар алшоит ҳазқәымгәыӷо аҭагылазаашьақәа", - ҳәа иҳәеит иара.
Ҷыҭанаа еиҭеиҳәеит, агәыӷра узаазырԥшуа аҭагылазаашьақәа шазгәаҭоу – абӷьы аилачра, ашәҭра, абӷьы аформеи аԥшшәи риашара.
Иахьазы аҵла есыхәылбыҽха ирԥсаҳәалатәуп. Аӡы аҭахуп. Ари Лыхны ақыҭа ахадара аусзуҩцәа рнапы алакуп. Уи инахырҳәҳәаны аҽак ҟаҳҵом.
Лыхнашҭатәи аҭәаҵла хьархьла иԥырҟеит 2023 шықәса мшаԥы 5 азы.
Аҵла изакәанымкәа иԥырҟеит ҳәа гәҩарас иҟаҵаны иааныркылеит ҩыџьа Аԥсны атәылауаа – Ираклии Даури Багаҭелиаа. Ари ахҭыс даҽа џьоукгьы алахәуп ҳәа ирҳәоз аҿаԥнаҽит атәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура. Гәдоуҭатәи араионтә усӡбарҭа Иракли Багаҭелиа иганахьала ашьаус иахәаԥшраны иҟоуп.
Мшаԥы 19 рзы Китаинтәи Аԥсныҟа иааган Пекин ақыҭанхамҩатә институт аус зыднауло аҵлазы ихәарҭоу ахәшә. Аекологцәеи Аԥсны инхо китаиааи аҭәаҵла ашьапы иҷыдоу ӡшьарк ахьыршьит арзҩыдатәразы. Нас кәармала китаитәи ахәшә агәылалартә иларышьҭит, зынӡа ахәшәқәа 30 алаҵан. Ари мчыбжьык иазхеит.