Аԥсны

Џьыкырба: апоезиала аҿар апатротизм рылааӡатәуп

Sputnik
Кавказ анемец мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахақәиҭтәра 80 шықәса ахыҵра инамаданы, Чечентәыла имҩаԥысит Урыстәылазегьтәи алитературатә еицлабра "Литературная вахта памяти". Аари аицлабра зхы алазырхәыз апоет ҿа Ҳаџьараҭ Џьыкырба апоезиа ажанр аҟны актәи аҭыԥ ианаршьеит. Иалыркааз иажәеинралаақәа рызкын 1941- 1945 шықәсқәа рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахаз хҩык иабду иашьцәа. Арадио Sputnik аефира аҟны Џьыкырба еиҭеиҳәеит аицлабра иалахәхара шыҟалази уахь инаишьҭыз иажәеинраалақәа рҵаки. Шәахәаԥш астудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.