Аԥсны

Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҟны изакәанымкәан иахыргоз аҭаҭынаалыҵ аанкылоуп

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 1– Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҟны аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы аҳазалхыҩцәеи аҭаҭын аалыҵ аконтрабанда ахыгара аԥдырҟәҟәааит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҳазалхратә еилакы.

Аҳазалхаҩцәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа иахысуаз урыстәылауаҩ имашьына аанкыланы игәарҭеит. Аидараҭыԥ аҟны ирбеит 49 600 цыра аҭаҭын.

Административтә зинеилагаразы аматериалқәа зегьы Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп.