АҞӘА, нанҳәа 1 - Sputnik. Аԥсны нанҳәа 1 инаркны ауаажәларратә ҭыԥқәа рҟны, аплиажқәа аламҵакәа, ишахәҭам еилаҳәоу ф-нызқь мааҭ ахараԥса дыршәахоит.
Ареспублика ақалақьқәа зегьы рыҟны атуристцәа ахараԥса шрыдҵахо атәы зҳәо аинформациатә ҩырақәа кнаҳазароуп.
Уаанӡа амшынмаҭәеи ма зҽеилахны ақалақь иалаз хараԥсас 300 мааҭ ракәын иршәоз.