Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украина Арбџьармчқәа рҽазыршәеит Амшын еиқәаҟны урыстәылатәи аграждантә ӷбақәа ирыжәларц

Амшын транспорт мҩанызгоз аибашьыга ӷбақәа адронқәа игәарҭеит, иагьҭадырхеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 1 - Sputnik. Украина Арбџьармчқәа рҽазыршәеит урыстәылатәи аграждантә транспорттә ӷбақәа Амшын еиқәа алада-мраҭашәаратәи акалҭ аҿы аекипаж змам акатерқәа хԥа рыла рыжәлара ҳәа рҳәеит Атәылахьчара аминистрраҟны.
"Иаха киевтәи арежим атеррористтә жәылара амҩаԥгара аҽазнашәеит. Амшын еиқәа алада-мраҭашәаратәи акалҭ аҿынтә аӡыбжьысырҭа Басфор ахь амҩа иқәыз Урыстәылатәи аграждантә транспорттә ӷбақәа аекипаж змам акатерқәа хԥа рыла ирыжәлеит", - рҳәоит аусбарҭаҟны.
Иахьа аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит УАМ аҽшазнашәаз аҷаԥшьаратә ӷбақәа "Сергей Котов", "Василий Быков" аекипаж зҭам ахархәагақәа хԥа рыла ишрыжәлаз. Аӷа итехника ааха аҭоуп, аӷбақәа рнапынҵақәа нарыгӡоит.