АҞӘА, нанҳәа 2 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҳаир-десанттә ар Рымш азы Аҟәа, 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра ду алахәыла Ҳасан Ҳаразиа анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
"Аҭагылазаашьа схы иархәаны адесантцәа зегьы Рымш ныҳәа рыдысныҳәалар сҭахуп, ажәҩан цқьа рзеиӷьасшьоит. Аԥсны адесантцәа Реидгыла иалахәуп 84-ҩык. Дара еибашьрак мацара акәым изхысхьоу, иахьагьы Донбасстәи ахҭысқәагьы ирылахәуп. Анцәа иҳәааит зегь рыԥсы ҭаны ихынҳәырц. Ҳаҷкәынцәа еибашьуан: Афганисҭан, Виетнам, Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан. Руалԥшьа нарыгӡон" , - иҳәеит Аԥсны адесантникцәа реидгыла ахантәаҩы Амиран Кәарҷиа.
Аҳәынҭқарратә филармониа абаҳча маҷ аҿы еизеит АДА (ВДВ) аррамаҵзурауаа.
"Ҳара, аԥсуаа, ҳалаҽхәоит ҳџьынџьуаҩ, аинрал-леитенант Ҳасан Лагәысҭан-иԥа Ҳаразиа Аибашьра ду аан аҳаир-десанттә бригада напхгара ахьаиҭоз. Берлин агара иалахәын. Раменское ақалақь аҿы иҩны-музеи аартуп, амҩадуи ақалақь абаҳчақәа руаки ихьӡ рхуп. Нанҳәа 2 азы адесантникцәа ибаҟа аԥхьа ари амш азгәарҭоит", - иҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла адесантцәа Реидгыла ахаҭарнак Важьа Лабжьаниа.
День Воздушно-десантных войск отметили в Сухуме
© Sputnik / Бадрак Авидзба
Ҳаразиа Ҳасан диит 1908 шықәса Мархьаул ақыҭан. Аибашьраан аҳаир-десанттә бригада напхгара аиҭон. Тула, Ориол, Смоленск аибашьрақәа дрылахәын. 1959 шықәсазы Уралтәи арратә округ ар ркомандаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩыс даҭан. Ианашьан Ленин иорден, Аеҵәа ҟаԥшь аорден, Суворов иорден, иара убас Аџьынџьтәылатә еибашьра аорденқәа ҩба. Аинрал-леитенант Ҳасан Ҳаразиа Урыстәылатәи Афедерациа Раменское ақалақь аҟны ибаҟа аартын 2018 шықәса нанҳәа 25 азы.
Аҳауа-десанттә ар Рымш азгәарҭоит нанҳәа 2 азы. 1930 шықәса абри амш аҽны Москатәи арратә округ аруаа Воронеж амҵан раԥхьаӡа акәны атактикатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгараз апарашиутқәа рыла итәеит 12-ҩык адесантцәа.