Аԥсны

Бжьаниа аӷба Astoria Grande Аҟәаҟа иааиԥхьеит

Аӷба Astoria Grande Баҭымтәи амшынбаӷәазахь аҭалара иаҿагылоз акциақәа руак аан аполициаа 23-ҩык ауаа ааныркылеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 2 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аӷба Astoria Grande Аҟәаҟа иааиԥхьеит, атуристцәа адкылара шьахә шрыҭахо азгәеиҭеит.

"Ареспублика атуристтә маҵзурақәа рырҭбаара аинтерес амоуп. Агеографиатә ҭагылазаашьақәа иалдыршоит аԥхынра акруизтә лаинерқәа рыдкылара", - иҳәеит Бжьаниа ТАСС аинтервиу аҭо.

Ииасыз амчыбжь азы ақырҭуа оппозициа Astoria Grande Баҭымҟа анеира иаҿагыланы акциақәа мҩаԥыргеит. Аоппозициаа ргәаанагарала аӷба уахь анеира жәларбжьаратәи асанкциақәа ирывсуеит.
Аслан Бжьаниа аӷба Astoria Grande еиԥшу аӷбақәа Аҟәатәи абаӷәаза иаднакылар шалшо атәы иҳәеит. Иазгәеиҭеит, рашәарамзаахыс Шәачантәи Аҟәаҟа ишныҟәо алаинер "Князь Владимир".