Адыга ҭыԥҳа Џьемре Жаде нхара ҳәа Аԥсныҟа дааит 16 шықәса раԥхьа. Уи лзанааҭ иабзоураны Аԥсныҟа лаара шыҟалази, аԥсшәа шылҵази аҩызцәа шлырҳази ртәы арадио Sputnik апроект "Зхьышьҭра змырӡыз" аҿы еиҭалҳәеит.
Амра Џьемре Жаде лабду иабду амҳаџьырра дахнагеит Кавказ ажәларқәа рхырҵәара ашықәсқәа раан. Лара ашаԥсыӷаа амҳаџьырра ишахнагаз атәы аҭоурых лдыруеит лабду илзеиҭеиҳәоз ажәабжьқәа рыла. Џьемре лабду Жаде Кьазым Ертурк дҳақьымын, Сақариа — Адаԥазар инхо аԥсуаа адыгаа зегьы деицырдыруан.
Џьемре Жаде аԥсуа абызшәа аҵаразы дныҟәон Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны еиҿкааз аҽазыҟаҵаратә курсқәа рахь.