Аԥсны

2023 шықәса иалагазар Аԥсны маӡала аус зуаз ҩеижәи фҩык агидцәа аарԥшуп

Атуризм аминистрра аусзуҩцәа аамҭа-аамҭала иааларҟьан агәаҭарақәарақәа мҩаԥыргон маӡалатәи аекскурсиамҩаԥгаҩцәа рышьақәыргыларазы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 3 - Sputnik. 2023 шықәса иалагазар Аԥсны иаарԥшуп ҩеижәи фҩык маӡала аус зуаз агидцәа ҳәа рҳәеит Атуризм аминистрраҿы.
Аусбарҭа адыррала дара зегьы Урыстәыла иатәылауаауп.

Атуризм аминистрра аусзуҩцәа, Аԥсны АҩАРи аекскурсиамҩаԥгаҩцәа Рассоциациеи алархәны аамҭа-аамҭала агәаҭарақәа мҩаԥыргоит маӡалатәи аекскурсиамҩаԥгаҩцәа рышьақәыргыларазы.

Аԥсны зынӡа ашәҟәы иҭагалоуп 500-ҩык аекскурсиамҩаԥгаҩцәа. Дара аминистрраҿы аҽазыҟаҵарақәеи аттестациеи ирхысуеит.
Аԥсны аҭоурых еицазкуа маӡалатәи агидцәа раарԥшразы агәаҭарақәа мҩаԥысуеит 2021 шықәса раахыс.