Абанк аԥара узалазар еиԥшуп: Кәарҷиа араса иазкны

Sputnik
Араса ахаҭабзиареи аҽаҩреи ҟаларц азы знеишьас иаҭаху, уи аарыхра феида ахьынӡалоу ртәы дазааҭгылеит анаплакҩы, араса аарыхыҩ Абессалом Кәарҷиа.
"Ҳаԥсабара аҭагылазаашьа аҽаԥсахит, уи ҳныԥшит, 10 шықәса раԥхьа араса ахәшәтәра аҭахӡамызт. Араса аазрыхуаз анхацәа иззыҟаҵамыз, иззыԥшымыз, зынӡагьы ирзымдыруаз ауадаҩрақәа ирықәшәеит. Абарҭ ашықәсқәа рзы араса аарыхра иаҟәыҵызгьы ыҟоуп. Сгәаанагарала, ари акультура даара иманшәалоуп, абанк аԥара узалазар еиԥш ԥарак уҭаххар иуҭиир ҟалоит. Иҳаҩсыз ашықәс азы кьылак араса 50-120 мааҭ иаԥсазҭгьы, сынтәа 100-120 мааҭ иаԥсоуп. Аҳауа иабзоураны апты араса аԥырхага ӷәӷәа анамҭаӡеит, сынтәа ахаҭабзиара бзиоуп. Араса аарыхра знапы алаку анахацәа адгылареи ацхыраареи рҭахәуп", - ҳәа иҳәеит Кәарҷиа. Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи анҵамҭа.