Аԥсны

Ԥлиа еиҭеиҳәеит Натиа Бахтаӡе лыԥсыбаҩ аԥшаара шымҩаԥысуа атәы

Ашьра ҟаиҵеит ҳәа гәҩарас иҟоу Аинар Ҵәыџьба иахьдирбаз аҭыԥ аҟны, ишьу лыԥсыбаҩ аԥшаара мҩаԥысуеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 3 - Sputnik. Гал инхоз Натиа Бахтаӡе лыԥсыбаҩ аԥшаара мҩаԥысуеит Галтәи аӡеизакырҭа албаҽҽарҭаҟны. Абри атәы "ГалМедиа" иазеиҭеиҳәеит араион ахада Константин Ԥлиа.

"ЕгрыГЕС анапхгара, хаҭала Леван Гулливер-иԥа (Леван Мебониа, ЕгрыГЕС аиҳабы - аред. азгә.) рыцхыраарала, иахьа ашамҭаз Гал аӡыршьҭра маҷ аӡы аанкылан, уи иабзоураны аԥшаарақәа мҩаԥган", - иҳәеит иара.

Ԥлиа иҳәеит, шьыжьнаҵы Аҟәантәи Галҟа ишнеиз Аԥсны АҶА аминистр Лев Кәыҵниа зхадараҿы дыҟаз аӡхәыҵалаҩцәа ҟазацәа, Аԥсны АҩАР, АШәМ аусзуҩцәеи. Аԥшаарақәа мҩаԥысуан аӡыршьҭра аҩ-ганкгьы рыла, аха аԥшаарақәа шлыҵшәадоу. Араион ахада иажәақәа рыла, аԥсыбаҩ амшынахь иагазар ҟалоит. Аԥшаарақәа ирыцҵоуп.
Гал араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аиҳабы Беслан Жваниа иажәақәа рыла аԥшаарақәа ирылахәуп 15 екипаж, дара гәыԥла рыҽшаны аԥшаарақәа мҩаԥыргоит. Иара убас ахархәара амоуп адрон.
Аԥсны
Натиа Бахтаӡе лышьразы ашьаус хацыркуп