АҞӘА, нанҳәа 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Апроект "Иҳәаадоу аҟазара" аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәа аԥшаҳәаҟны имҩаԥысит зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа рзы акциа "Акәашарақәа зегьы рзы".
Афонд "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа ишылҳәо ала, акциа иахықәкуп зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа ауаажәларраҿы имҩаԥысуа асоциалтәи акультуратәи процессқәа рылархәра.
Акциа далахәхар илшоит изҭаху дарбанзаалак, иқәра, игәабзиаратә ҭагылазаашьа, акәашара идыруоу изымдыруоу ирыхьмырԥшыкәа. Ари ахәыҷқәа рзы иаҭахуп рҩызцәа ирылаҵәарц.
Џьынџьалԥҳа илҳәеит акәашарақәа ауаҩы иҿиара игәы шазҭарҵо. Уи зегьы рзы хра алоуп, аиҳаракгьы аҷыдара злоу ахәыҷқәа рзы. Акциа алахәылацәа рзы амузыкатә программа азирхиеит еицырдыруа аҟәатәи адиджеи Надир (Shiri Tali - аред).