АҞӘА, нанҳәа 4 – Sputnik. Афон ҿыци еицырдыруа Афонҿыцтәи аҳаԥи нанҳәамзазы аҳаԥҭҵааратә аԥсшьаратә ныҟәарақәа рзы иалкаау аҭыԥқәа жәаба ирхыԥхьаӡалахеит, абри атәы аанацҳауеит амаҵзура Tvil.ru.
Аԥснытәи ақалақь, асиаҿы ахәбатәи аҭыԥ аанакылеит. Афон ҿыц иаԥыргеит ақалақьқәа Шәача, Санкт-Петербург, ҟрымтәи акурортқәа Иалта, Алушта.
Зегь раасҭа зыхә ҳараку хырхарҭоуп Архыз, уи ааигәара ауп иахьыҟоу Урыстәыла зегь раасҭа иҵаулоу аҳаштышатә ҳаԥы Горло-Барлога. Бжьаратәла уахык Ҟарачы-Черкесск ашьхатә курорт аҟны аныҟәаратә ԥсшьаҩы изтәоит 5 840 мааҭ.
Зегь раасҭа ибуџьеттә хырхарҭан иалкаауп акурорт Чемал. Уи азааигәара Алтаи иҟоуп аԥсабаратә баҟақәа - Орокотаитәи аҳаԥы. Уахь аныҟәараз аԥсшьаҩы бжьаратәла уахык 2 102 мааҭ изтәоит.