Аԥсны

Аԥсны ахәҭак лашарада иаанхоит асабша, нанҳәа 5 рзы

Лашарада иаанхоит аҳҭнықалақь ахәҭаки аҳауатә цәаҳәа "Бзыԥ" аҟынтәи алашара зауеи.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 4 – Sputnik. Аԥсны ахәҭак сааҭқәак лашарада иаанхоит асабша, нанҳәа 5 рзы ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Алашара ҟалаӡом, Аҟәа ақалақь Ӡиӡариа имҩадуи ақалақь агәы амҩақәа Ажәанбеи Басариеи рҟынтәи амшын агаҿа аҟынӡа асааҭ 05:00 инаркны асааҭ 08:00 рҟынӡа.
Иара убас, амҩа хадаҟны имҩаԥырго арыцқьарақәа ирыхҟьаны асааҭ 05:00 инаркны асааҭ 07:00 рҟынӡа алашара дырцәоит Авольт ҳаракы-220 кВ "Бзыԥ".