АҞӘА, нанҳәа 4 – Sputnik. Иахьазы Аԥсны ашколқәа актәи акласс ахыԥхьаӡаларазы инашьҭуп 2370 рзаҳал ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа.
Лара илҳәеит ари ахыԥхьаӡара иацлар шауа, избанзар школқәак рҿы цәыббрамзанӡа арзаҳалқәа рыдыркылалоит. Бжьаратәла есышықәса актәи акласс ахь ршьапы еихыргоит 2600 - 2700-ҩык ахәыҷқәа лҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.
Ашколқәа ирымоу ауадаҩрақәа дрылацәажәо Кәарҷелиаԥҳа илҳәеит, арҵаҩцәа разымхара шыҟоу еиуеиԥшым амаҭәарқәа рзы, хаҭала аинформатика азы. Ацифратә технологиақәа раамҭазы ари ахырхарҭа азхьаԥшра ӷәӷәа аҭахуп ҳәа агәаанагара лымоуп аминистр ихаҭыԥуаҩ.
"Аинформатика арҵаразы аҭагылазаашьа еиӷьаҳтәыр ҳҭахуп. Ари азҵаара акыр иҵарны иқәгылоуп. Арҵаҩцәа ҳамам. Уажәы арҵаратә центр "Сириуси" ҳареи ҳаилацәажәеит 9-11-тәи аклассқәа рҵаҩцәа рзы аинформатиказ акурсқәа мҩаԥыргаларц алицеи-интернат аҿы. Изҭаху арҭ акурсқәа ирхысыр рылшоит", - ҳәа лҳәеит Кәарҷелиаԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, акадрқәа реизырҳаразы арҵаҩы ихьӡи иулафахәи шьҭыхтәуп, усҟан ауп алҵшәа аныҟало.
"Еснагь иаҳҳәоит арҵаҩ ихьӡ шьҭыхтәуп ҳәа, аха аулафахәы шьҭыхымкәа алҵшәа зыҟалом. Арҵаҩрахьы инеиуа уи азанааҭ бзиа избаҵәҟьо рымацара ракәхоит, аентузиастцәа, афанатикцәа ракәхоит. Ганкахьала ари бзиоуп, аха аҽаганкахьала ахыԥхьаӡарагьы ҳҭахуп", - ҳәа азгәалҭеит лара.
Ада Кәарҷелиаԥҳа иара убасгьы иазгәалҭеит, аҳҭнықалақь аҿы ахәыҷбаҳчақәа шҭәу, аҽа усбарҭак аартра ауадаҩрақәа акыр шаӡбоз.