АҞӘА, нанҳәа 4 – Sputnik. Аԥсны атәылауаҩ закәаншьаҭада Риҵатәи амилаҭ-парк аҟны акоммерциатә ус дахьалагаз аарԥшуп.
Ԥсшьаҩык иҭылхыз авидеонҵамҭа мышқәак раԥхьа асоциалтә ҳақәа рыҟны ицәырҵит. Уаҟа арԥыск амҩаду аҟынтәи ҩ-ӡиаск реилаларҭа аҭыԥаҿ лфотосахьа аҭыхраз аԥара ахылшәаарц лыдиҵеит.
Уи аҭыԥ инацәыхарамкәан ӡыргарак аҳасабала икыдуп, аӡәы ифото аҭыхра 50 мааҭ ишаԥсоу.
Аԥсны атуризм аминисттраҿ ишырҳәаз ала, ари аҭыԥ қьырала аӡәгьы имаӡам, убри аҟнытә аԥара ахшәаарагьы закәаншьаҭадоуп.