Аԥсны

Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭа аусзуҩцәа ирықәлаз рус азы аӡбарҭа азыӡба аԥыхуп

Рамини Аслани Миквабиаа, Мизан Гогәуа, Аинар Сар-оӷлы ахара рыдҵоуп Тҟәарчал араионтә хәшәтәырҭа аԥара мҩанызгоз аусзуҩцәа ирықәлан идырҳәит ҳәа, иара убасгьы ихысуа абџьар закәаншьаҭада ирыман иагьымҩаныргон ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 4 - Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиа Тҟәарчалтәи араионтә ӡбарҭа Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭа аусзуҩцәа ирықәлаз рус азы азыӡба аԥнахит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Рамини Аслани Миквабиаа, Мизан Гогәуа, Аинар Сар-оӷлы рганахь ала аӡбарҭа аилазаара ҿыц ашьаус иҿыцны ахәаԥшразы инанашьҭуеит.
Азыӡба аԥыхра амзызқәа ируакуп, тҟәарчалтәи аӡбаҩцәа руаӡәк аилацәажәаратә уада амаӡа ахьираргамаз, уи адагьы аамҭак ала егьырҭ аусқәа ахьымҩаԥигоз азы.
Хәажәкыра 30 инаркны лаҵара 24 рҟынӡа, аамҭакала аӡбаҩ аҽа 12 административтәи 25 тәылауаҩратәи ус дрыхәаԥшит, азыҳәа наишьҭит Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ашьаус аԥсахразы. Уи адагьы апрокуратура азхьаԥшит егьырҭ ашьауси, ашьаус–процессуалтәи закәанԥҵара аилагарақәа шаҭаз.
Аԥсны апрокурор хада дахәаԥшит ахашшааратә коллегиа аӡбаҩцәа Тҟәарчалтәи аӡбарҭа аӡбаҩ иганахь ала иҟарҵаз ашшреи иарбоу аамҭазы иара идикылаз аӡбрақәа риашареи риашамреи рыҭҵаареи.