Аԥсны

Шәҩык инареиҳаны Натиа Бахтаӡе лыԥсыбаҩ аԥшаара иалахәуп

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 5 – Sputnik. Гал араион аҟны Натиа Бахтаӡе лыԥсыбаҩ аԥшаара иалахәуп шәҩык рҟынӡа ауааԥсыра, урҭ рхыԥхьаӡараҿы АҶА, ЕгрыГЕС, азинхьчаратә усбарҭақәа русузуҩцәа, Гал араион анхацәа, Аҟәантәи аволонтиорцәа, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада Константин Ԥлиа.
Хымш ҵуеит аӡӷаб лыԥсыбаҩ аԥшаара иаҿуижьҭеи. Аԥшааратә ҵакыра 19 км инаӡоит.
"Аԥшаарақәа ишаҿыц иаҿуп. Аӡеизакырҭаҟны анышьқәа рыла ихәуп. Амшын аӡымҽхак аҟынгьы аԥшаара иаҿуп. Аҟәантәи иааз аволонтиорцәа адронқәа рыла аканал ҭырҵаауеит. Макьаназы аԥшаарақәа лҵшәадоуп. Сааҭқәак рышьҭахь аԥшаарақәа аанаҳкылоит, ашәахьа ашьыжь инаркны ирыцҵахоит", - иҳәеит Ԥлиа.
Ԥлиа иажәақәа рыла, Натиа Бахтаӡе лыԥсыбаҩ аԥшаара ишаҿу азы қырҭтәылатәи аган адырра рыҭоуп.
Гал араион инхо Натиа Бахтаӡе дшыӡыз азы аинформациа рылаҵәеит ԥхынгәы 28 рзы. Нанҳәа 3 рзы Гал араион апрокуратура Натиа Бахтаӡе лышьразы ашьаус хацнаркит Очамчыра инхо Аинар Ҵәыџьба иганахь ала, ауаҩшьра ҟаиҵеит ҳәа гәҩарас икны.
25-шықәса зхыҵуа Ҵәыџьба иҿы иқәшаҳаҭхеит иумҭаз, иҳәеит аӡхыҽҽаратә ГЕС аӡеизакырҭа лыԥсыбаҩ шалаижьыз.