Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа ЛЖәР аҿы Новосиоловск ахы иақәиҭыртәит

Арратә аоперациа ҷыда иалагазар иҭархан 458 ҳаирплан, 245 вертолиот, 5518 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 428 аракетатә комплексқәа.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 5 – Sputnik. Урыстәылатәи аруаа ЛЖәР аҿы Купиансктәи ахырхарҭаҿы Новосиоловск ахы иақәиҭыртәит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.

Купиансктәи ахырхарҭаҿы арҟәыҵәа "Западное" лҵшәабзиалатәи ржәылара иабзоураны Лугансктәи Жәлар Рреспубликаҟны анхарҭаҭыԥ Новосиоловск ахы иақәиҭыртәит", - азгәаҭоуп аацҳамҭаҿы.

Уи адагьы ажәыларатә гәыԥқәа Харьковтәи аобласт анхарҭаҭыԥқәа Ольшани Першотравневи рҟны рҭыԥқәа дырӷәӷәеит.
Урыстәылатәи аруаа Купиансктәи ахырхарҭаҿы УАМ аконтржәыларақәа хԥа аԥдырҟәҟәааит, аибашьцәеи атехникеи ршьаҟьеит.
Донецктәи ахырхарҭаҿы "Южный" агәыԥ аибашьцәа авиациеи артиллериеи рхархәарала ДЖәР аҿы Белогоровка, Авдеевка, Старомихаиловка рҟын аӷа ижәылара аԥдырҟәҟәааит.
Иара убас аруаа аибашьцәеи атехникеи ҭадырхеит ДЖәР аҿы анхарҭаҭыԥқәа Богдановка, Клещеевка, Ласточкино, Марьинка, Красногоровк рҟны.