АҞӘА, нанҳәа 6 – Sputnik. Абааӡатәымҩангага ӷба "Сиг" иаиуз аԥхасҭа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра иацҵоуп, абри атәы аанацҳауеит Росморречфлот.
Аусурақәа ирылахәуп "Морспасслужба" Азов-Амшынеиқәаҿтәи афилиал иатәу адәныцагақәа.
Аӡхәыҵалаҩцәа агәаҭарақәа анымҩаԥырга ашьҭахь, аӷба агыларҭахьы иааргеит икьакьу ақәҵа злырхша аматериал.
Иазгәаҭоуп, амҽыша ашьыжь аҳауа аҽеиҭакра, уи аусурақәа аруадаҩуеит.
"АС "Сиг"-аред.) амшын ихгылоуп, аԥырсал лашьҭуп, иаакәыршаны ахагаӷбақәа гылоуп, аекипаж ԥырхага рымам, аҩнуҵҟа аӡы ҭалартә иҟам. Амш ишырнаҭалак еиԥш ақәҵа ақәыршәахоит", - рҳәеит аусбарҭаҿы.
Уураинатәи ашәарҭаратә маҵзура амшынтә дронқәа рыла Керчтәи аӡыбжьахала аладатәи ахәҭаҟны игылаз абааӡатәымҩангага ӷба "Сиг" иажәлеит.