Аԥсны

Натиа Бахтаӡе лыԥсыбаҩ иашьҭаз Гал араион инаркны Очамчыранӡа агаԥшаҳәа еимырдааит

Нанҳәа 3 раахыс Натиа Бахтаӡе лыԥсыбаҩ аԥшааразы ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит. Аӡӷаб дишьит ҳәа агәҩара зызрымоу Аинар Ҵәыџьба иҳәеит аӡхыҽҽаратә ГЕС аӡеизакырҭа лыԥсыбаҩ шалаижьыз.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 6 – Sputnik. Натиа Бахтаӡе лыԥсыбаҩ иашьҭаз Гал араион инаркны Очамчыранӡа агаԥшаҳәа еимырдааит, абри атәы аанацҳауеит ГалМедиа.
Шәҩык инареиҳаны Натиа Бахтаӡе лыԥсыбаҩ аԥшаара иалахәуп-АҶА, ЕгрыГЕС, азинхьчаратә усбарҭақәа русузуҩцәа, Гал араион анхацәа, Аҟәантәи аволонтиорцәа.
Аԥшаарақәа ирылахәу аԥсыбаҩ анырбалак иаразнак АҩАР-и Апрокуратура хада аусҭҭҵааратә хеилак ахь адырра ҟарҵароуп.
Аԥсны
Шәҩык инареиҳаны Натиа Бахтаӡе лыԥсыбаҩ аԥшаара иалахәуп
Гал араион ахада Константин Ԥлиа ишиҳәахьаз ала, аԥшаарақәа ашәахьа ашьыжь инаркны ирыцҵахоит.
Гал араион инхо Натиа Бахтаӡе дшыӡыз азы аинформациа рылаҵәеит ԥхынгәы 28 рзы. Нанҳәа 3 рзы Гал араион апрокуратура Натиа Бахтаӡе лышьразы ашьаус хацнаркит Очамчыра инхо Аинар Ҵәыџьба иганахь ала, ауаҩшьра ҟаиҵеит ҳәа гәҩарас икны.
25-шықәса зхыҵуа Ҵәыџьба иҿы иқәшаҳаҭхеит иумҭаз, иҳәеит аӡхыҽҽаратә ГЕС аӡеизакырҭа лыԥсыбаҩ шалаижьыз.