АҞӘА, нанҳәа 6 – Sputnik. Урыстәылатәи аракетақәа украинатәи аҳаирбазақәа ԥыржәеит, абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Урыстәылатәи Арбџьармчқәа аракетақәа рыла Ровентәи аобласт анхарҭаҭыԥ Дубнои Хемельницк аобласт анхарҭаҭыԥ Староконстантинов рҿы иҟаз украинатәи аҳаирбазақәа ԥыржәеит", - рҳәеит аусбарҭаҿы.
Атәылахьчара аминистрраҟны иазгәарҭеит "рхықәкы шынагӡаз, ахыбрақәа зегьы еилыԥыххаауп".
Урыстәылатәи ар жьҭаара 10 раахыс аенергетика, ахыхьчаратә ааглыхра, Украина арратә напхгараҭареи аимадареи рхыбрақәа аракетақәа рыла иалахысуеит. Ахыбрақәа реилаԥыххаара Ҟрымтәи ацҳа ахьԥыржәаз азы аҭак ауп ҳәа иҳәеит Владимир Путин.