Аԥсны

Аҟәа ақалақь аҟны ахаҵа дызшьыз ҳәа гәҩарас иҟоу аанкылоуп

Гал иаанкылоуп Узбекисҭан атәылауаҩи Азербаиџьан атәылауаҩи, ауаҩшьразын агәазҩара ззыҟаз.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 7 – Sputnik. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи Ашәарҭадаратә маҵзуреи русзуҩцәа иааныркылеит, Аҟәа иҟалаз ауаҩшьразы гәҩарас ирымаз ҩыџьа атәым ҳәынҭқаррақәа ртәылауаа. Абри атәы аанацҳауеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

25 шықәса зхыҵуа Азербаиџьан атәылауаҩ Али Ибрагимови 31 шықәса зхыҵуа Узбекисҭан атәылауаҩ Отбек Саломови аанкылан Гал ақалақь Терешкова лымҩа аҟны.

Амҽыша ахәылбаҽха, нанҳәа 6 рзы Аҟәа ақалақь Инал-иԥа имҩа аҟны игылоу аҩнқәа руак ашҭаҟны дыршьит Аԥсни Ҭырқәтәылеи ртәылауаҩ Рыдван Ахан-иԥа. Гәҩарас иҟаз Ибрагимови Саломови рыԥшаара рылаҳәан.