Аԥсны

Аԥсны шықәсыбжак аҩнуҵаҟа амҩан иҭахаз рхыԥхьаӡара ҳәоуп

Ареспубликаҟны амҩан иҟало амашәырқәа реиҳарак зыхҟьо амҩатә ԥҟарақәа рықәымныҟәареи, арыжәтә ыжәны аԥсҟы акреи, аццакреи роуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 7 – Sputnik. 2023 шықәса ҳаҭалазар Аԥсны амҩан иҟалаз амашәырқәа ирыхҟьаны иҭахахьеит 28-ҩык. Абри атәы иҳәеит апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Даур Амҷба Апрокуратура хада аколлегиа аилатәараҟны.
Ҵыԥх ари аамҭазы, амҩан иҟалаз амашәырқәа ирыхҟьаны иҭахеит 24-ҩык.
"Арҭ арбагақәа иаҳдырбоит амҩан аҭагылазаашьа шеиӷьымхаз. Амҩан иҟало амашәырқәа реиҳарак зыхҟьо амҩатә ԥҟарақәа рықәымныҟәареи, арыжәтә ыжәны аԥсҟы акреи, аццакреи ракәны иаанхоит", - ҳәа иҳәеит Амҷба.
Арыжәтә џьбара ыжәны амашьына аԥсҟы зкыз рганахь ала ԥшьҩык ршьаус хацыркуп, даҽаӡәы иганахь ала - арыжәтә џьбареи анаркотикатә маҭәашьаркәеи идкылан дшыҟаз азы.
Иара убасгьы, ари агәыԥ иаҵанакуа ацәгьоуразы хәҩык аҳәса рганахь ала ашьаус хацыркуп. Аӡәы ижәны амашьына аԥсҟы зкыз, иҟалҵаз амҩатә машәыраан дҭахеит апассаџьыр.