Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украинатәи амшыншьаҟауаҩ 25 шықәса бахҭала ахгара иқәырҵеит Мариуполь аҭынчуаҩ ишьразы

Зус рыӡбо Васили Михаилови аррамаҵзура ицызхызгоз Владимир Ориоли аҭынч уаҩԥсы иҿахә иҿыхраан дыршьит, аҽа ҩыџьа урыстәылаа ирыдгылоит ҳәа азыԥхьаӡаны хыԥхьаӡара рацәала аахақәа рырҭеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 7 – Sputnik. ДЖәР Иреиҳаӡоу аӡбарҭа 36-тәи хаз игоу УАМ амшыншьаҟауаа рыбригада аррамаҵзуҩы Васили Михаилов 25 шықәса бахҭала ахгара иқәырҵеит. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Ашьаусҭҵааратә еилакы.
2022 шықәса хәажәкырамзазы Михаилови иҩызцәеи Мариуполь ахәыҷбаҳчақәа руак аҵакыраҿы апозициа аанкылан игылан. Убри аамҭазы уахь днеигеит Мирныи инхоз, бџьарда иҟаз амшыншьаҟауаҩ Владимир Ориол.
"Акомандаҟаҵаҩцәа рҟынтәи Михаилов адҵа иоуит амч ихы иархәаны аинформациа игарц. Михаилов ахаҵа шьапыла 15 нтә диӷрасит иҿахәы иҿыхразы. Уи ззымычҳаз ахаҵа иԥсҭазаара далҵит", - ҳәа аҳәоит аусбарҭа адырраҭара.
Румҭа рҵәахырц ахаҵа иԥсыбаҩ рблырц рҽазыршәеит.
Азинхьчаратә усбарҭақәа ишьақәдыргылеит ауаҩшьра ҵаҵӷәыс иамаз аполитикатәи аидеологиатәи цәымӷра шакәу.
Владимир Ориол иганахь ала ашьаус аӡбарҭа ахәаԥшуеит. Аусҭҵаараан иара убасгьы ишьақәыргылан адҵа ҟазҵаз рхаҭарақәа. Урҭ рганахь ала ашьаусҭҵаара цоит.