Аԥсны

Бжьаниа иҳәеит Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар адгылара шриҭо 2008 шықәсатәи ахҭысқәа инарымаданы

2008 шықәса нанҳәа 7-8 руыха Қырҭтәыла аицҭырҟьаратә шьақәгылақәа "Град" рыла Аахыҵ Уаԥстәыла иалахысит, анаҩс ижәылан аҳҭнықалақь Цхинвал абжеиҳара дырхәашеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 8 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар адгылара шриҭо иҳәеит 2008 шықәсатәи ахҭысқәа 15 шықәса ахыҵра инадҳәаланы ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.

Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит, Қырҭтәыла анапхгара ишрыгәҭакыз аԥхьа Аахыҵ Уаԥстәыла аилаԥыххаара, анаҩс – Аԥсны.

"Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар рфырхаҵареи ргәымшәареи, иара убасгьы Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара рыгәаӷьреи иалдыршеит аимак аанкылара. Қырҭтәыла аҭынчра ада ԥсыхәа амамкәа иҭадыргылт, аиашьаратә республикақәа рыҩба рыжәларқәа рнырҵәара алмыршахеит. Аԥсны иахьа иргәаладыршәоит аибашьра иалаӡыз, аиашьаратә уаажәларра ргәырҩа рыцеиҩыршоит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит иахьа, дара аурыс жәлар рхаҭа аамҭа уадаҩ ишҭагылоу, Урыстәыла ауааԥсыреи анапхгареи адгылара шриҭо.