Аԥсны

Пицундатәи амузыкатә фестиваль амҩаԥысраан еизган фышәнызқьмааҭ рҟынӡа аԥара

Актәи Пицундатәи жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль мҩаԥысуан ԥхынгәы 31 инаркны нанҳәа 4-нӡа. Иара иалахәын Аԥсны, Урыстәыла, Канада, Ҭырқәтәыла, ЕАА рҟынтәи артистцәа.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 8 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Пицундатәи амузыкатә фестиваль амҩаԥысраан хәымш рыҩныуҵҟа еизган фышәнызқьмааҭ рҟынӡа аԥара ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит афестиваль асахьаркыратә напхгаҩы Барас Кәыџба.
Иара иҳәеит 150 000 мааҭ акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо Аслана Џьынџьалԥҳа лыхәышәтәра ишазырхахо.
Иаанхаз аԥарақәа Пицундатәи ауахәама афонд иазынашьҭхоит. Дара рхы иадырхәоит аконцерттә роиаль ҿыц аахәаразы. Убри аан аԥарақәа реизгара иацҵахоит.
Имҩаԥысыз амузыкатә хҭыс далацәажәо Барас Кәыџба иҳәеит афестиваль ахәаԥшыҩцәа реиԥш артистцәагьы ишыргәаԥхаз.
"Афестиваль абзиабаҩцәа ҳамоуп. Иҟан ахәаԥшыҩцәа ҳконцертқәа рыхәбагьы ирыхәаԥшыз. Урҭ реиҳараҩык Урыстәылатәи асасцәа ракәын, иара убасгьы аҭыԥантәи амузыка абзиабаҩцәа. Ари ҳара ҳзы акраҵанакуеит. Еиуеиԥшымыз атәылақәа рҟынтәи афестиваль иалахәыз ракәзар агәахәара ду рыман рҟазара ахьрыдыркылаз", - ҳәа азгәеиҭеит Кәыџба.
Аԥсны
Агәыҳалалратә классика: Пицунда жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль мҩаԥысит
Кәыџба иҳәеит афестиваль Пицунда есышықәса ишымҩаԥыргало, еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи ауаа шадрыԥхьалало.
"Сеигәырӷьоит ҳфестиваль Пицунда иахьымҩаԥысуаз. Иара есышықәса имҩаԥгалахоит. Аԥеиԥш дугьы аманы иҟоуп, избанзар атәылақәа, ажәларқәа еиднакылоит, ҳмузыкантцәеи аҳәаанырцәтәылақәа рҟынтә амузыкантцәеи рыбжьара цҳара аулоит. Артистцәа ара здаҟам фымш рхыргеит. Урҭ амшқәа ргәалашәарҿ иаанхоит. Сгәы иаанагоит еиҭах иаҳзыхынҳәып ҳәа" - иҳәеит Sputnik акорреспондент диҿцәажәо Кәыџба.
Афестиваль аиҿкааҩцәас иҟан, 2014 шықәса инаркы акоронавирус апандемиа алагаанӡа Аԥсны ӷәӷәала ичмазҩу ахәыҷқәа ацхыраара рыҭаразы агәыҳалалратә аклассикатә музыкатә концертқәа мҩаԥызгоз "Асоциал-культуратә ԥшьгара агәыҳалалратә фонд".