Приднестровие иргәаладыршәеит Хәымштәи аибашьраҿ иҭахаз

Қырҭтәыла нанҳәа 8 2008 шықәсазы Аахыҵ Уаԥстәыла иақәлеит, жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа зегьы еилаганы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 8 – Sputnik. Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика аҳҭнықалақь Тирасполь иргәаладыршәеит Аахыҵ Уаԥстәыла хәымштәи аибашьраҟны иҭахаз, абри атәы аанацҳауеит Sputnik Молдова.
Ахьӡ-Аԥша амемориал аҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхаҭарнакцәеи Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика анапхгареи.
"Приднестровиаа ирдыруеит аибашьра закәу - ӷьара зқәым ари ахьаа. Ауааԥсыра азықәԥон ари атәылаҟны ҭынч анхараз, рхатәы бызшәала ицәажәарц азы. Урыстәылатәи Афедерациа иабзоураны ишьаарҵәыраз ари атеррор аанкылан", - ҳәа лҳәеит ПМА Иреиҳаӡоу асовет адепутат Галина Антиуфеева.
Абжьаҟазара аҭҵааратә центр анапхгаҩы Елена Бабкова еиҿлырԥшит иахьатәи аҭагылазаашьеи 2008 шықәсазтәи ахҭысқәеи, иргәалалыршәеит Аҩада атлантикатәи Алианс аҟынтәи Қарҭ бџьарла ишеибырҭоз.
"Кишинев НАТО иалоу атәылақәеи иареи аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит, уаантәи абџьар роуеит. Ари ахымҩаԥгашьа ацәшәара узцәырнамгар алшом", - лҳәеит Бобкова.
Урыстәыла
Медведев: 2008 шықәса нанҳәамзазы аиԥш иахьагьы Урыстәыла аӷацәа ԥыхха иқәҵахоит