Урыстәыла

Медведев: 2008 шықәса нанҳәамзазы аиԥш иахьагьы Урыстәыла аӷацәа ԥыхха иқәҵахоит

© Sputnik / Рамиль СитдиковДмитрий Медведев
Дмитрий Медведев - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.08.2023
Анапаҵаҩра
Қырҭтәыла Цхынвал ианажәлаз, 2008 шықәсазы Дмитри Медведев Урыстәыла ахадас дыҟан.
АҞӘА, нанҳәа 8 - Sputnik. Урыстәыла иаҿагылан иахьа Украина иеибашьуа аӷацәа 2008 шықәса нанҳәамзазы аиԥш иахьагьы иԥыхха иқәҵахоити ҳәа иҳәеит Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев. Аполитик иҳәамҭа кьыԥхьуп иара иофициалтә Telegram-канал аҿы.
"НАТО асистема зегь иаартны иаҳҿагылоуп. Аха ҳара арратә операциа ҷыда ишахәҭоу аӡбразы иазхаша амчра ҳамоуп. 2008 шықәса нанҳәамзазы аиԥш иахьагьы Урыстәыла аӷацәа ԥыхха иқәҵахоит. Урыстәыла иара ишаԥхьаӡо аиԥш аҭынчра иазкылсуеит", - ҳәа иҩуеит иара.
Медведев иҳәеит, 2008 шықәсазы ЕААи Мраҭашәаратәи атәылақәеи иазхаша аԥышәа шрымамаз. Қырҭтәыла ахада Михаил Саакашвили ишидгылозгьы иахьынӡахәҭаз амца рзаҵамҵеит ҳәа иҳәеит иара.
Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев иҳәеит, Еиду аштатқәа ҩаԥхьа тәым напыла Урыстәыла ишабашьуа, аха рыгәҭакы шырзынамыгӡо.
Аслан Бжания - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.08.2023
Аԥсны
Бжьаниа иҳәеит Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар адгылара шриҭо 2008 шықәсатәи ахҭысқәа инарымаданы
Қырҭтәыла нанҳәа 8 2008 шықәса рзы Аахыҵ Уаԥстәыла иақәлеит, жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа зегьы еилаганы.
Урыстәыла Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра рыхьчаразы ареспублика ар аланагалеит нанҳәа 12 рзы, Қырҭтәыла аҭынчра иазхьанарԥшырц иақәыӷәӷәо. Хәымш рышьҭахь ақырҭуа ар арегион иалцан. 2008 шықәса нанҳәа 26 азы Москва Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рсуверенитет азханаҵеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0