Аԥсны

Рыдван Ахан-иԥа ишьра инамаданы ашьауӷатә ус хацыркуп

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 8 – Sputnik. Аҟәатәи апрокуратура Аԥсни Ҭырқәтәылеи ртәылауаҩ Рыдван Ахан-иԥа ишьра инамаданы ашьауӷатә ус хацнаркит. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп, Узбекисҭан атәылауаҩ Оибек Соломови Азербаиџьан атәылауаҩ Али Ибрагимови ацәгоура ишалахәыз шышьақәыргылаз имҩаԥгаз аҭҵаарақәа раан.
Саломови Ибрагимови рыԥшаара рылаҳәан, анаҩс дара Гал ақалақь аҟны иаанкылан. Аӡбарҭахь ашәҟәы нашьҭхоит ауаҩшьразы гәҩарас иҟоу рҭакразы.
Рыдван Ахан-иԥа идырны дшьын амҽыша ахәылбаҽха, нанҳәа 6 рзы Аҟәа ақалақь Инал-иԥа имҩа аҟны игылоу аҩнқәа руак ашҭаҟны асааҭ 21:30 рзеиԥш. Зхаҭара шьақәыргылам ҩыџьа ауаа, румҭаз ауаажәларра ашәарҭара ишҭанаргыло шырдыруаз Ахан-иԥа аантәы еиҵамкәан еихсит. Иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны Ахан-иԥа аҭыԥаҟны иԥсҭазаара далҵит.
Аԥсны
Аҟәа ақалақь аҟны ахаҵа дызшьыз ҳәа гәҩарас иҟоу аанкылоуп