Аԥсны

Ҩыџьа ҭахеит Гагра араион амҩан иҟалаз амашәыр аҟны

Аҩаша, нанҳәа 8 рзы Гагра араион аҟны ҩ-машьынак еиҿасит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 8 – Sputnik. Ҩыџьа ауаа ҭахеит Гагра араион амҩан иҟалаз амашәыр аҟны, абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит араион ахәшәтәырҭа аҳақьым хада Индира Арсалиаԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, амедицинатә усбарҭахь инаган 14-ҩык. Урҭ рахьынтә ҩыџьа уи аамҭазы рыԥсҭазаара иалҵхьан.
Ахәрақәа зоуз аҳәсақәа руаӡәк лҭагылазаашьа ӷәӷәоуп, ареанимациаҿ дыҟоуп.
"Егьырҭ зегьы, раахақәа бжьаратәуп, еиуеиԥшым абҩаԥҵәарақәа рымоуп", - ҳәа лҳәеит Арсалиаԥҳа.
Аҩаша, нанҳәа 8 рзы Гагра араион - ареспубликатә мҩаду хадаҿы амаршруттә машьынеи акроссовери еиҿасит. Ааха зоуз зегьы араионтә хәшәтәырҭахь инаргеит.