Аԥсны

Гагра араион иҟалаз амашәыр аҟны ааха зауз ауаа рҭагылазаашьа зеиԥшроу еилкаахеит

Нанҳәа 8 рзы ареспубликатә мҩаду хадаҿы амаршруттә машьынеи акроссовери еиҿасит, уи иахҟьаны ҩыџьа ауаа ҭахеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 9 – Sputnik. Гагра араион иҟалаз амашәыр аҟны ааха зауз жәҩык Гагратәи араионтә хәшәтәырҭаҟны ишьҭоуп, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла, зынӡа ахәшәтәырҭахь инаган 12-ҩык. Ахәшәтәырҭаҟны ишьҭаз жәҩык рҟынтәи абаҩԥҵәара змаз ҩыџьа Шәачатәи аԥшьбатәи ақалақьтә хәышәтәырҭахь ишьҭуп.
Ааха зауз ԥҳәыск Гагратәи ахәшәтәырҭаҟны дԥырҟеит, лҭагылаазаашьа уадаҩуп. Нанҳәа 10 рзы абҩаԥҵәа злоу даҽа ӡӷабк шәачатәи ахәшәтәырҭахь диагахоит.
Аԥсны
Ҟрымынтәи иааз аԥсшьаҩы дҭахеит Гагра араион амҩан иҟалаз амашәыр аҟны
Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла, егьырҭ апациентцәа хәахәоуп, иҟәаҟәоуп, ахшыбаҩҵысра рымоуп. Гагратәи ахәшәтәырҭаҟны ишьҭазаауеит.
Иара убас агәабзиарахьчара аминистрраҟны ирҳәеит, нанҳәа 8 рзы Турбаза амашьына засыз Мордовиантәи иааз аԥсшьаҩы лҭагылаазашьа зеиԥшроу. Дхьанҭоуп, Ареспубликатә хәышәтәырҭаҟны дышьҭоуп.