Аԥсны

Ҟрымынтәи иааз аԥсшьаҩы дҭахеит Гагра араион амҩан иҟалаз амашәыр аҟны

Нанҳәа 8 рзы ареспубликатә мҩаду хадаҿы амаршруттә машьынеи акроссовери еиҿасит, уи иахҟьаны ҩыџьа ауаа ҭахеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 9 – Sputnik. Гагра араион амҩан иҟалаз амашәыр аҟны дҭахеит 1996 шықәсазы ииз Ҟрымынтәи иааз аԥсшьаҩы, абри атәы Sputnik иазаарыцҳаит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.
Уаанӡа Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Sputnik иазеиҭалҳәеит ахәшәтәырҭахь 14-ҩык ауаа шнагаз, урҭ рыбжьара иҟан урыстәылатәи атуристцәагьы. Аԥснытәи амедусзуҩцәа иахәҭаны иҟаз ацхыраара ҟарҵеит.
Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура иара убасгьы адырра ҟанаҵеит нанҳәа 8 рзы, Турбаза араион аҿы 1986 шықәсазы ииз Мордовиатәи аԥсшьаҩы амашьына шлысыз. Лара ахәшәтәырҭахь днагоуп.