Аԥсны

Аҟәа, асанаториа МВО аҵакыраҿы ашьҭаҵарҭа амца акит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. Аҟәа, асанаториа МВО аҵакыраҿы ашьҭаҵарҭа амца акит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Амца дырцәеит аҳҭнықалақь амцарцәара-еиқәырхаратә гәыԥқәа ҩба, ааигәа-сигәа игылаз ахыбрақәа рахь амца нашьҭым.