Аԥсны

Аслан Бжьаниа игәабзиара аиҭашәара иахҟьаны Москва ахәшәтәырҭа дҭоуп

Аԥсны ахада аусутә еилацәажәарақәа рзы Москва дыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа москватәи ахәшәтәырҭақәа руак ахь днагоуп игәабзиара ауашәшәырра иахҟьаны. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Заанаҵтәи адыррақәа рыла, ахада иҷаҷа ахаҳәамазаара иахҟьаны ахәшәтәырҭахь днагоуп. Иԥсҭазаара шәарҭа иҭагылам", - аҳәоит адырраҭараҟны.
Аслан Бжьаниа ихымԥаданы иҟоу агәаҭарақәа дырхысуеит.