Аԥсны

Аԥсны аимадараз аилак аелектронтә напынҵамҭақәа рынаҭо иалагеит

"Аелектронтә напынҵамҭаз" азакәан 2015 шықәсазы ирыдкылан, аха анагӡара алшо иҟалеит сынтәа Апарламент аҿы ирыдыркылаз риашарақәак рышьҭахь.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 10 – Sputnik. Аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы аелектронтә напынҵамҭақәа рынаҭо иалагеит ҳәа аанацҳауеит аилак асаит.
Аелектронтә напынҵамҭа роур алшоит аҳәынҭструктурақәа, аиурист хаҿқәа, ахатәхаҿқәа, анаплакыҩцәа. Аҳәынҭусбарҭақәа рзы анапынҵамҭа аиура хәыдаԥсадоуп.
Аиурист хаҿқәа, ахатәхаҿқәа иарбоу атариф ала ахә ахыршәаауеит. Ахәԥса алагоит 1 500 мааҭ инаркны.
"Аелектронтә напынҵамҭаз" азакәан 2015 шықәсазы ирыдкылан, аха анагӡара алшо иҟалеит сынтәа Апарламент аҿы ирыдыркылаз риашарақәак рышьҭахь.
Аелектронтә напынҵамҭа ақьаад ала иарбо адокумент иаваҟәалоит, ахархәара алшоит аилаӡарақәеи аҳәынҭмаҵзурақәеи рымҩаԥгараан, аҳасабеилыргаратә ҳасабырба аҭараан.
Аилак анапынҵамҭа егьырҭ атәылақәа рҿы ахархәара аиурц аиқәшаҳаҭрақәа аус рыднаулоит.