Аԥсны

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рҭаацәарақәа ацхыраара рыҭахоит

Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб аилацәажәара мҩаԥигеит афинансқәа рминистр Владимир Делба, аекономика аминистр Кристина Озган, Атәынчахәытә фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа алархәны.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рҭаацәарақәа 2023 шықәсазы зныктәи ацхыраагӡа рызшәахоит, абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.
20-20 нызқьмааҭ рзыршәоит иҭахаз рҭаацәарақәа категориала еихшаны:
иҭахаз рҭаацәараҟны аусура злымшо;
аибашьраҟны хатәгәаԥхарала иҭахаз рҭаацәа;
жьҭаарамза 1993 шықәса инаркны ԥхынҷқәынмза 1994 шықәса ирыбжьанакыз аамҭазы иҭахаз хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҭаацәа;
аибашьраан иҭахаз рҭаацәараҟны аинвалид атәанчахәы зауа;
Иааидкыланы ацхыраара роуеит 1150-ҩык, дара Аԥсны Атәанчахәытә фонд абиуџьет аҟынтәи ирызшәахоит.
Иара убасгьы, Аминистрцәа реилазаара алацәажәеит, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәеи иҭахаз рҭаацәеи ажьырныҳәа 1 2024 шықәса инаркны ртәанчахәы ацҵаразы.