Аԥсны

Ауаҩы дҭахеит Гәымсҭа ақыҭаҿы иҟалаз амҩан машәыр аҟны

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. Ауаҩы дҭахеит Гәымсҭа ақыҭаҿы иҟалаз амҩан машәыр аҟны, абри атәы аанацҳауеит "Аԥсныпресс" апресс-маҵзура.
Аԥсны АҶА апресс-маҵзураҿы ишырҳәаз ала, ахҭыс шыҟалаз азы аҷаԥшьарҭахь адырра ҟалеит асааҭ 15:20 рзы, нанҳәа 10 рзы. Аиқәырхаҩцәа аҭыԥаҟны аусура иаҿуп.
Ахҭыс шыҟалаз збаз ражәақәа рыла, амашьына аҵла иаахеит, уи ашьҭахь амца акит.