Аԥсны

Гагра араион иҟалаз амашәыр аҟны ааха зауз быжьҩык ахәшәтәырҭаҟынтә илырҩааит

Нанҳәа 8 рзы ареспубликатә мҩаду хадаҿы амаршруттә машьынеи акроссовери еиҿасит, уи иахҟьаны ҩыџьа ауаа ҭахеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 10 – Sputnik. Гагра араион иҟалаз амашәыр аҟны ааха зауз быжьҩыу ахәшәтәырҭаҟынтә илырҩааит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Ахәшәтәырҭаҿы инхоит аҽа хҩык апациентцәа. Руаӡәк дԥырҟеит, ареанимациаҟны дышьҭоуп, лҭагылазаашьа бжьаратәла ихьанҭоуп.
Амҩатә машәыр ашьҭахь ахәшәтәырҭахь инаган 12-ҩык, ахашаҽны абаҩԥҵәара злаз ҩыџьа шәачатәи аԥшьбатәи ахәшәтәырҭахь ииаган.