Аԥсны

Гәдоуҭа араион ахәҭак лашара иаанхоит аԥшьаша, нанҳәа 10 рзы

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 10– Sputnik. Гәдоуҭа араион ахәҭак лашара иаанхоит аԥшьаша, нанҳәа 10 рзы, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Асааҭ 11 инаркны 14:00 нӡа афымцеихшарҭа "Гәдоуҭа-А́хага" аҟны атрансформатор Т2 аусура аанкылахоит, уи аамҭазы аҳауатә цәаҳәа "Мҵара" аҟны арҽеиратә усурақәа цалоит.
Лашарада иаанхоит афымцеихшарҭақәа "Мҵара", "Дәрыԥшь" рҟынтәи афымца зауа абонентцәа.