Аԥсны

Урыстәыла атәылауаҩԥҳәыс дҭахеит Риҵатәи амилаҭтә парк аҿы

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Атуристцәа зҭатәаз амашьына хышәҭит Риҵатәи амҩа 24-тәи акилометр аҿы, нанҳәа 10 рзы.
Риҵатәи амҩаҿы амашьына ахьааҳәыз иахҟьаны дҭахеит 1959 шықәсазы ииз Санкт-Петербургнтәи иааз аԥсшьаҩы, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит амилаҭтә парк адиректор Адамыр Багаҭелиа.
"Амашьына ааҳәит. Урыстәыла атәылауаҩԥҳәыс дҭахеит", - иҳәеит иара.
Апассаџьырцәа заҟаҩы ыҟази амашәыр шыҟалази макьана еилкаам. Гагратәи ахәшәтәырҭахь инаргаз ыҟоуп ҳәа аанацҳауеит амаҵзура "Аԥсныпресс" Гәдоуҭа араион ААР аиҳабы Зосма Гыцба иажәақәа шьаҭас иганы.