Урыстәыла

47 шықәса рыҩнуҵҟа раԥхьатәи амиссиа Амзахь ирышьҭит акосмодром Восточныи аҟынтә

Аракета "Союз 2.1б" акосмодром Восточныи аҟынтәи ишьҭыԥрааит москватәи аамҭа 02:11 ала. Ашьҭаԥрааратә блок "Фрегат" астанциа "Луна-25" аракета иаҿыҵны аорбитазааигәарахь инеит жә-минуҭк рышьҭахь.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 11 - Sputnik. Ҳаамҭазтәи Урыстәыла аҭоурых аҿы раԥхьатәи автоматикатә станциа "Луна-25" акосмодром Восточны аҟынтәи Адгьыл аспутник "Южный полюс" ахь ахы археит. Абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭкорпорациа "Роскосмос" апресс-маҵзура.
Астанциа иазԥхьагәаҭаз аԥырратә траекториахь ианнеи ашьҭахь ашьҭыԥрааратә блок "Фрегат" иаҿыҵны, аҟазауаа рнапхгарала Амзахь ахы археит.
"Астанциа Амза азааигәаратәи аорбитахь 100 км рҟынӡа аҽыҳаракны анеира азыԥхьагәаҭоуп нанҳәа 16 рзы, Адгьыл аспутник аҿы итәараны иҟоуп нанҳәа 21 рзы, акратер Богуславски аҩадахьы (аизыхәхәа ацентр акоординатқәа – аладатәи аҭбаара 69,5450 градус, мрагыларатәи аҭбаара аградус 43,5440)", - аҳәоит адырраҭараҿы.
"Луна-25" Аладатәи аполиус аҿы итәо раԥхьатәи станциахароуп. Уаанӡатәиқәа зегьы аекватортә зонаҿы акәын иахьтәоз. Астанциа иахықәкуп амзатә нышә аҭҵаареи аҵаа аҟазаара аилкаареи.
Аҭҵаарақәа мҩаԥыслоит шықәсык иназынаԥшуа. "Луна-25" – Урыстәыла ҳаамҭазтәи аҭоурых раԥхьатәи амзатә станциоуп. "Луна-24" – Адгьыл аспутник ахь 1976 шықәсазы ишьҭыз аҵыхәтәантәи акосмостә аппаратуп.