https://sputnik-abkhazia.info/20230811/47-shysa-rynua-rakhati-amissia-amzakh-iryshit-akosmodrom-vostochnyi-aynt--1047441066.html
47 шықәса рыҩнуҵҟа раԥхьатәи амиссиа Амзахь ирышьҭит акосмодром Восточныи аҟынтә
47 шықәса рыҩнуҵҟа раԥхьатәи амиссиа Амзахь ирышьҭит акосмодром Восточныи аҟынтә
Sputnik Аҧсны
Аракета "Союз 2.1б" акосмодром Восточныи аҟынтәи ишьҭыԥрааит москватәи аамҭа 02:11 ала. Ашьҭаԥрааратә блок "Фрегат" астанциа "Луна-25" аракета иаҿыҵны... 11.08.2023, Sputnik Аҧсны
2023-08-11T10:19+0300
2023-08-11T10:19+0300
2023-08-11T10:19+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/08/0b/1047440561_0:0:3283:1847_1920x0_80_0_0_fb3c6947108c15115b34111673847114.jpg
АҞӘА, нанҳәа 11 - Sputnik. Ҳаамҭазтәи Урыстәыла аҭоурых аҿы раԥхьатәи автоматикатә станциа "Луна-25" акосмодром Восточны аҟынтәи Адгьыл аспутник "Южный полюс" ахь ахы археит. Абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭкорпорациа "Роскосмос" апресс-маҵзура. "Астанциа Амза азааигәаратәи аорбитахь 100 км рҟынӡа аҽыҳаракны анеира азыԥхьагәаҭоуп нанҳәа 16 рзы, Адгьыл аспутник аҿы итәараны иҟоуп нанҳәа 21 рзы, акратер Богуславски аҩадахьы (аизыхәхәа ацентр акоординатқәа – аладатәи аҭбаара 69,5450 градус, мрагыларатәи аҭбаара аградус 43,5440)", - аҳәоит адырраҭараҿы. "Луна-25" Аладатәи аполиус аҿы итәо раԥхьатәи станциахароуп. Уаанӡатәиқәа зегьы аекватортә зонаҿы акәын иахьтәоз. Астанциа иахықәкуп амзатә нышә аҭҵаареи аҵаа аҟазаара аилкаареи. Аҭҵаарақәа мҩаԥыслоит шықәсык иназынаԥшуа. "Луна-25" – Урыстәыла ҳаамҭазтәи аҭоурых раԥхьатәи амзатә станциоуп. "Луна-24" – Адгьыл аспутник ахь 1976 шықәсазы ишьҭыз аҵыхәтәантәи акосмостә аппаратуп.
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/08/0b/1047440561_637:0:3261:1968_1920x0_80_0_0_9557f7d2beec40384175bc242c554537.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
47 шықәса рыҩнуҵҟа раԥхьатәи амиссиа Амзахь ирышьҭит акосмодром Восточныи аҟынтә
Аракета "Союз 2.1б" акосмодром Восточныи аҟынтәи ишьҭыԥрааит москватәи аамҭа 02:11 ала. Ашьҭаԥрааратә блок "Фрегат" астанциа "Луна-25" аракета иаҿыҵны аорбитазааигәарахь инеит жә-минуҭк рышьҭахь.
АҞӘА, нанҳәа 11 - Sputnik. Ҳаамҭазтәи Урыстәыла аҭоурых аҿы раԥхьатәи автоматикатә станциа "Луна-25" акосмодром Восточны аҟынтәи Адгьыл аспутник "Южный полюс" ахь ахы археит. Абри атәы
аанацҳауеит аҳәынҭкорпорациа "Роскосмос" апресс-маҵзура.
Астанциа иазԥхьагәаҭаз аԥырратә траекториахь ианнеи ашьҭахь ашьҭыԥрааратә блок "Фрегат" иаҿыҵны, аҟазауаа рнапхгарала Амзахь ахы археит.
"Астанциа Амза азааигәаратәи аорбитахь 100 км рҟынӡа аҽыҳаракны анеира азыԥхьагәаҭоуп нанҳәа 16 рзы, Адгьыл аспутник аҿы итәараны иҟоуп нанҳәа 21 рзы, акратер Богуславски аҩадахьы (аизыхәхәа ацентр акоординатқәа – аладатәи аҭбаара 69,5450 градус, мрагыларатәи аҭбаара аградус 43,5440)", - аҳәоит адырраҭараҿы.
"Луна-25" Аладатәи аполиус аҿы итәо раԥхьатәи станциахароуп. Уаанӡатәиқәа зегьы аекватортә зонаҿы акәын иахьтәоз. Астанциа иахықәкуп амзатә нышә аҭҵаареи аҵаа аҟазаара аилкаареи.
Аҭҵаарақәа мҩаԥыслоит шықәсык иназынаԥшуа. "Луна-25" – Урыстәыла ҳаамҭазтәи аҭоурых раԥхьатәи амзатә станциоуп. "Луна-24" – Адгьыл аспутник ахь 1976 шықәсазы ишьҭыз аҵыхәтәантәи акосмостә аппаратуп.