АҞӘА, нанҳәа 11 - Sputnik. 2022 шықәсазы Аҟәа абиуџьетахь иҭалеит 1,62 миллиард мааҭ рҟынӡа ҳәа аанацҳауеит аҳаҭнықалақь ахадара апресс-маҵзура.
Аҳҭнықалақь ахадара афинанстә усбарҭа аиҳабы Алхас Лагәлаа иажәақәа рыла, абиуџьет ахашәалатә хәҭа 11% рыла еиҳаны инагӡан.
Иҳаҩсыз ашықәс азы аҟәатәи абиуџьет аныхрақәа 1,55 миллиард мааҭ еиҳахеит, убри аҟнытә ахашәалеи ахарџьқәеи 65,8 миллион мааҭ рыла еивыгоуп.
Ақалақьтә еизара абиуџьети, ашәахтәқәеи, афинансқәеи, аекономикеи, азыԥхьагәаҭареи рзы адепутаттә комиссиа ахантәаҩы Давид Чхьеиӡе иҳәеит, ахашәала аизҳара ишалнаршаз еиуеиԥшым апроектқәа рынагӡара.