Аӡахәа, ажь, аҩы: агрономцәа еиҭарҳәеит аӡахәааӡара иацу амаӡақәа

Sputnik
Аԥсны аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ажь ааӡареи, аҩы аҭаҭәареи аиҳабыратәи абиԥара ирымырдо иалагеит аҿар. Атрадициа бзиа шьҭызкаауа аӡахәааӡаҩцәа Сандро Аӡынбеи, Алмас Адлеибеи Sputnik астудиаҟны еиҭарҳәеит аӡахәааӡара иацу амаӡақәа.
Агроном Сандро Аӡынба иажәақәа рыла, иара 2014 шықәса раахыс аус иуеит Гәымсҭа ақыҭаҿы иҟоу аӡаахәааӡарҭақәа рҟны. Уаҟа ҳажьҭраҟны ирацәоуп аԥсуа ажь хкқәа ҳәа азгәеиҭеит Аӡынба.
Алмас Адлеиба иҳәеит ажьи аҩи ҳаԥсуа культура ишахәҭаку. Дыҟам ԥсыуак зхала аҩы ҭазымҭәо, зысасцәа аԥсуа ҩы цқьа агьама дызмырбо иҳәеит иара. Шәахәаԥш Sputnik астудиаҟны иҟаҵоу анҵамҭа.