Аԥсны

Аџьар Ҟаԥшь Аԥсны аибашьраҿ хабарда ибжьаӡыз ҩыџьа рыԥсыбаҩқәа реиԥшра гәарҭеит

Аиҿкаара алахәылацәеи аиҳабыра рхадеи алацәажәеит атехникатә зҵаарақәеи амчра аусбарҭақәеи дареи реинырреи ртәы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 11 – Sputnik. Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь аилак 1992-1993ш. раантәи Аԥсны аибашьраҿ хабарда ибжьаӡыз ҩыџьа рыԥсыбаҩқәа реиԥшра гәарҭеит. Абри атәы иҳәеит Кавказ иахьаҵанакуа хабарда ибжьаӡыз рызҵаарақәа рзы ЖәАҞА ахаҭарнак Анес Коту аԥыза-министр Александр Анқәаб иԥылараҟны.
Коту иҳәеит аӡбра амедекспертцәеи агенетикцәеи абри ахырхарҭала русура ишацырҵо. Аиԥылараҟны Аџьар Ҟаԥшь ахаҭарнакцәа ажәадгала ҟарҵеит аҭыԥантәи амчрақәа аԥҵазарц, жәларбжьаратәи аҟазауаа аус рыцурала аԥшаарақәа мҩаԥызго.
Александр Анқәаб иазгәеиҭеит Аџьар Ҟаԥшь имҩаԥнаго агуманитартә усура ареспубликаҿ аҵакы аманы ишыҟоу, иҳәеит аусеицура дшазыхиоу.
"Аԥсны аиҳабыра ахә ҳаракны иршьоит имҩаԥыжәго аусура. Ҳара ҳзы аибашьраан ибжьаӡыз дарбанзаалак илахьынҵа аилкаара акраҵанакуаны иҟоуп. Ари ҳәынҭқарратә усуп. Ҳара еснагь ҳазыхиоуп Жәларбжьаратәи Аџьар ҟаԥшь аилак аус ацура, еснагь ҳаартуп, шәусура еснагь адгылара шаҳҭало агәра шәҳаргоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аԥсны иалагеит 1992 шықәса нанҳәа 14 рзы. Ицон 1993 шықәса цәыббра 30 рҟынӡа. Абри аамҭа иалагӡаны иҭахеит хәнызқьҩык инареиҳаны ареспублика ауааԥсыра, хабарда ибжьаӡит 1900-ҩык.